Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Аԥны Атәылахьчара аминистрра анапхгара рыхьӡалеи, хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсык ала Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәа, аушьҭымҭацәа, акомандаҟаҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аррамаҵзурауаа ишәыдысныҳәалоит аҵараиурҭа ашьаҭаркра 21 шықәса ахыҵра! Арра-ҵаратә усбарҭа аԥҵареи аҿиареи рҭоурых атәыла Арбџьар мчқәа рҭоурых иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп. 2000 шықәсазы иаԥҵаз Аҟәатәи азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа Арра-ҵаратә центр инаркны Иреиҳаӡоу аҵараиурҭаҟынӡа амҩа ианысит, адырра ҳарак змоу афицартә кадырқәа азыҟазҵо Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра иаҵараиурҭа хаданы иҟалеит. Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥшартә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа раԥхьатәи амшқәа инадыркны арҵаҩцәа, анапхгаҩцәа, зхаҭабзиара ҳаракӡоу аҵарадырраиура…