Login to your account

Username *
Password *
Remember Me
Пятница, 12 декабря 2025 19:02

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа Сократ Џьынџьал дидныҳәалеит

Ҳаҭыр зқәу Сократ Раҷ-иԥа!

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра аилазаара, хаҭала сара – ҳахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәымшира.

Сократ Раҷ-иԥа, шәара шәреиуоуп  ҳаамҭазтәи  Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз. Ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз еиҳа иналукааша апроцессқәа шәрылахәын. Уи  иахәҭоу ахәшьара аҭара акыр иуадаҩуп.

Шәара шәира амшныҳәа шәаԥылоит ҳтәылаҿеиԥш анҭыҵгьы шәеицырдыруа, шәыхьӡ-шәыԥша ыҟаны, ажәлар шәраԥхьагылаҩны, шәажәа акралнадо. Шәыԥсҭазаара аиҳарак аҭакзыԥхықәу аусқәа рынагӡара иазкын. Ашәышықәсақәа раԥхьа Аԥсны раԥхьатәи Аԥсҳа Леон Аҩбатәи иеиԥш иаҳзыҟалаз Владислав Григори-иԥа Арӡынба шәиарӷьажәҩаны шәивагылан. Иарбанызаалак шәнап ианыз аус аҿы иаашәырԥшуан апрофессионализм ду, аҟәыӷара, ахамеигӡара.

Абри аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа, иарбанызаалак шәхы назқәышәкуа аусқәа зегьы  рынагӡараҟны аихьӡарақәа, аҭаацәаратә гәҭынчра ду. Ари амш ссир аҽны, ҳаҭыр зқәу Сократ Раҷ-иԥа, гәык-ԥсык ала агәабзиареи, аманшәалареи, ақәҿиарақәеи шәыдышәкыл.

Шәагымхааит зымаҵ жәуа ҳаԥсадгьыл Аԥсынра!

 

Ҳаҭырла,

 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр,

аинрал-полковник В. Ануа

Прочитано 37 раз Последнее изменение Пятница, 12 декабря 2025 19:04