Мушьни Хәарцкьиа иналукаашаз уаҩын. Дыздыруаз зегьы еицҿакны ирҳәоит иара аԥсҭазаараҿы имариаз амҩақәа дрышьҭамызт, аиашара иара изы зегьы ирыцкын ҳәа. Даныхәыҷыз аахыс илааӡан аџьа, аԥсадгьыл, ауа-аҭахы, аҩыза-ақәла рахь абзиабара, апатуқәҵара. Иара агәырӷьарагьы агәырҩагьы уцеиҩишар илшон.
Аибашьра ҟалаанӡагьы Мушьни Хәымса-иԥа активла аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын, иаҭахханы иҟалар иԥсадгьыл ихы ақәҵара дазыхиан.
1992 шықәса нанҳәа 14 рзы Мушьни иҩызцәа драԥхьагыланы Ацҳа ҟаԥшь аҿы абџьар шьҭыхны аӷа диԥылеит. Анаҩс, иҷыдаз анапынҵа змаз абатальон акомандаҟаҵаҩык иҳасаб ала хаҭала арратә операциақәа дрылахәын.
Гагра ақалақь ахақәиҭтәра ашьҭахь Мушьни Хәарцкьиа Мрагыларатәи афронт ахь диаргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчқәа рыштаб хада ахаҭарнакк иҳасаб ала.
Мушьни Хәарцкьиа дҭахеит Лашькьындар ақыҭан, 1992 шықәса ԥхынҷкәын 6 рзы.
1993 шықәса ԥхынҷкәын 30 рзы, данҭаха ашьҭахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Идҵа инақәыршәаны Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵан.
Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ Аԥсны аҭоурых хьтәы нбанла иагәылаҩуп. Афырхаҵареи агәымшәареи иршьананы, Аԥсадгьыл абзиабара иаҿырԥшыганы иаанхоит ԥхьаҟагьы еиҵагыло абиԥарақәа рзы уи ихьӡ хьӡырҳәага.






